Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иахьа аоппозициеи анахгаратә гәыҧи рыбжьара адебатқәа мҩаҧгахоит
Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иахьа аоппозициеи анахгаратә гәыҧи рыбжьара адебатқәа мҩаҧгахоит

Алхрақәа рашьҭахь актәи ателедебатқәа иахьа мҩаԥгахоит  – аоппозициеи анапхгаратә гәыԥи Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара «Зхы иақәиҭу агәаанагара» аҿы еиԥылоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал аефир аҿы, иахьа, асааҭ 22:30 рзы «Ақырҭуа гәахәтәы- адемократиатә Қырҭтәыла» аҟынтә Давиҭ Маҭикашвили, апартиа «Лело Қырҭтәыла» аҟынтә» Каха Кожьораӡе, «Стратегиа Аҕмашенебели» аҟынтә Паата Манџьгалаӡе адебатқәа мҩаԥыргоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал аполитикатә партиақәа аконструктивтә дебатқәа рзы ателеефир рыднагалеит.