Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иахьа аоппозициеи анапхгаратә гәыԥи рдебатқәа мҩаԥгахоит
Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы иахьа аоппозициеи анапхгаратә гәыԥи рдебатқәа мҩаԥгахоит

Алхрақәа рашьҭахь актәи ателедебатқәа иахьа мҩаԥгахоит  – аоппозициеи анапхгаратә гәыԥи Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара «Зхы иақәиҭу агәаанагара» аҿы еиԥылоит.

Абоикот арежим аҿы иҟоу  6 партиак апарламентә мандатқәа макьана амч рымоуп, аоппозициа апарламент иалало иаламло макьана идырым, азакәанԥҵаратә еиҿкаара нҭыҵ иаанхо аоппозициа мчыс иамоу, атәылазы азакәанԥҵаратә еиҿкаара аусзура ҵакыс иамоу, аполитикцәа атәымтә партниорцәа рааԥхьарақәа ишеиларкаауа.

Қырҭтәыла Актәи аканал аефир аҿы, иахьа, асааҭ 22:30 рзы «Ақырҭуа гәахәтәы- адемократиатә Қырҭтәыла» аҟынтә Беқа Давиҭулиании Беқа Лилуашьвилии, апартиа «Лело Қырҭтәыла» аҟынтә» Леван Самушьиеи, «Европатәи Қырҭтәыла» аҟынтә Иракли Кикнавелиӡеи, «Гирчи» аҟынтә Алеқсандре Рақвиашьвили адебатқәа мҩаԥыргоит.