Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы апроект ҿыц  - "Актәи аканал - Асцена" иалагеит
Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы апроект ҿыц  - "Актәи аканал - Асцена" иалагеит

Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы апроект ҿыц  – “Актәи аканал – Асцена” иалагеит. Уи аҿы, иаку арыцхәтә платформаҿы  еидҵоуп анагӡаратә ҟазара аформақәа зегьы. Апроект аӡыргара мҩаҧган иахьа, апрограмма  «Амш акод» аҿы.

Апандемиа амшала,  аҟазара аусхкы ахаарҧшра абжьаанытә формақәа рхархәара алшара ацәыӡит.  Ауаажәларратә дырраҭара ахәаҧшцәа ирыднагалоит онлаин -альтернатива. Ганкахьала уи артистцәа аудиториа ахьчараҿы ирыцхраауеит, егьи аганахьала  —  асегмент ҿыц аднаҧхьалоит.

1tvscena.ge аҿы шәара еиуеиҧшым ақырҭуа артистцәа рконцертқәа рынҵамҭақәеи, ақырҭуа фильмқәеи, атеатртә ақәыргыларақәеи, ацәыргақәҵақәеи, еицырдыруа ақырҭуа фотоҭыхымҭаҩцәа русумҭақәеи жәбар шәылшоит.

«Актәи аканал  — Асцена»  амеломанцәа алшара рнаҭоит авиртуалтә билеҭ ала аконцертқәа ишиашоу ртранслиациа ахәаҧшра.

Раҧхьатәи аконцерт  «Аџьаз ахәылҧаз» мҩаҧысуеит жәабран  28 рзы, уи рхы аладырхәоит  JANNGO,  Нини Нуцубиӡе, Анна Дои, Беқа Гочиавшили, Леван Деисаӡе, Заза Церцваӡе.

Абилеҭқәа раахәаразы аинструкциа жәбар шәылшоит апортал  1tvscena.ge. аҿы.