Қырҭтәыла Актәи аканал апроектқәеи апрограммақәеи жәларбжьаратәи афестиваль  Heart of Europe иалахәызаауеит
Қырҭтәыла Актәи аканал апроектқәеи апрограммақәеи жәларбжьаратәи афестиваль  Heart of Europe иалахәызаауеит

2021 шықәса абҵаразы, Польша Ауаажәларратә дырраҭара аинициативала, имҩаҧысуеит жәларбжьаратәи ателефестиваль  Heart of Europe.

Агибридтә режим аҿы имҩаҧысуа аконкурс рхы аладырхәоит Мрагыларатәи Ацентртәи Европа ауаажәларратә дырраҭарақәа. Ауснагӡатә хықәкыс иамоуп арегион аҿы ателеаалыҵ аӡыргареи ауаажәларратә медиа арҕәҕәареи.

Қырҭтәыла Актәи аканал ахатә аалыҵ цәырнагоит еиуеиҧшым аноминациақәа рҿы: адокументалтә фильми, агәырҿыхара-музыкатә шоуи, хәыҷтәы-аҿартә программеи, арыцхәтә проекти.

Аиааира зго апроектқәа еилкаахоит абҵара 5 рзы имҩаҧысуа анашьамҭаҭара ацеремониаҿы.

Аконкурс иалахәып  80 еиҳаны апроектқәа 12 ҳәынҭқарра руаажәларратә дырраҭарақәа рҟынтә.