Қырҭтәыла Актәи аканал аоператор Илиа Ҭвалиашвили иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам
Қырҭтәыла Актәи аканал аоператор Илиа Ҭвалиашвили иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам

“Ниу госпиталь” аклиникатә директор Гьаргь Корӡахиа ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла Актәи аканал аоператор Илиа Ҭвалиашвили иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Илиа Ҭвалиашвили анеирохирургиатә ҟәшаҿы дышьҭоуп.

“Апациент ахшыбаҩҵысра иман, иблақәа аахақәа руоит. Иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, аинвалидс даанхоит ҳәа ҳгәы иаанагом,” – иҳәеит Гьаргь Корӡахиа.

Русҭавели имҩаду аҿы иацы имҩаԥысуаз “Ҭбилиси праид” аҿагылаҩцәа ракциаҿ аахақәа иоуит Актәи аканал ажурналист Илиа Ҭвалиашвили. Аҿагыларатә акциа мҩаԥызгоз ультранационалистцәа ргәыԥ алахәылацәа ажурналистцәа аԥаҭлыкақәеи алабақәеи иргәыдырҵеит.