Қырҭтәыла Актәи аканал адокументалтә фильм "Ақьачақь имзар" Польша имҩаԥысуа афестиваль Heart of Europe ажиури аҟынтә аԥхьахә ҷыда аиуит
Қырҭтәыла Актәи аканал адокументалтә фильм "Ақьачақь имзар" Польша имҩаԥысуа афестиваль Heart of Europe ажиури аҟынтә аԥхьахә ҷыда аиуит

Абҵара 5 рзы Польша ауаажәларатә дырраҭара аԥшьгарала, жәларбжьаратәи ателехәаԥшратә фестиваль Heart of Europe гала аҳамҭатәра мҩаԥган. Қырҭтәыла Актәи аканал еиуеиԥшым акатегориаҿ апродукциа цәарнагеит, урҭ иреиуан Леван Адамиа идокументалтә фильм “Ақьачақь имзар”, уи ажиури аҟынтә аԥхьахә ҷыда аиуит.

Аконкурс хықәкыс аман арегион аҟны ателехәаԥшратә аалыҵ апопулиаризациеи Европаҿ ауаажәларратә аих арӷәӷәареи.

Абҵара 30-нӡа ахәаԥшцәа онлаин арежим аҿы афильмқәа рбара рылшоит.