Қырҭтәыла акоронавирус ахҧатәи ацәқәырҧазы рҽазыҟарҵоит
Қырҭтәыла акоронавирус ахҧатәи ацәқәырҧазы рҽазыҟарҵоит

«Аҧкрақәа раҧыхра азҵаара хшыҩзышьҭра ду ала  ҳахәаҧшуеит», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе.

Иара ишиҳәаз ала, акоронавирус  ахҧатәи ацәқәырҧа ацәцара рылшап ҳәа дгәыҕуеит.

«Акоронавирус ахҧатәи ацәқәырҧа ацәцара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар актәи ацәқәырҧа аан уи ҳалшеит. Ахҧатәи ацәқәырҧа  усҟаҟ ааха ҳнаҭом ҳәа агәыҕра ҳамоуп, — иҳәеит Паата Имнаӡе.