Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц аҿкаара раҧхьатәи афакт аарҧшуп
Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц аҿкаара раҧхьатәи афакт аарҧшуп

 

Британиатәи аштамм ҳәа изышьҭоу акоронавирус аштамм ҿыц раҧхьатәи афакт Қырҭтәылагьы ишьақәырҕәҕәоуп. Апрессконференциаҿы ажурналистцәа ари атәы ирзааицҳаит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе.

Иара иажәақәа рыла, аштамм ҿыц азы хҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ руаӡәы адиагноз изышьақәырҕәҕәоуп. Аштам ҿыц ҿызкааз,   50 шықәса еиҳаны изхыҵуа ахаҵа хар имамкәа дыҟоуп.

Имнаӡе ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу апациент Британиа дыҟамызт, аха дахьыҟаз атәыла имҳәеит. Аепидемиолог иажәақәа рыла, аштамм ҿыц ҿызкааз апациент ачымазара далҵхьеит.

Паата Имнаӡе иажәақәа рыла, аштамм ҿыц уажәазы аларҵәара змоу акоронавиурс ахкҿыц аҵкыс ишәарҭам, аха иаҳа ирласны аларҵәара алшоит, убри аҟынтә ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа зегьы рыхьчара азҵаара иаҳа аҵакы  аиуит.