Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 67-ҩык апациентцәа
Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 67-ҩык апациентцәа

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 67-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит  12 258-ҩык.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 4 100  афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 397-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.