Қырҭтәыла акоронавирус амшала 60-ҩык ԥсит
Қырҭтәыла акоронавирус амшала 60-ҩык ԥсит

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 60-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 7 977-ҩык. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 2 571 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 668-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.