Қырҭтәыла акоронавирус амшала 54-ҩык ԥсит
Қырҭтәыла акоронавирус амшала 54-ҩык ԥсит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 54-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 8 287-ҩык.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 3 221 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 990-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.