Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Шәамахьтәыла ахада диҧылеит
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Шәамахьтәыла ахада диҧылеит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриархи адоуҳатә хаҿқәеи  Шәамахьтәыла ахадеи, иҧҳәыси, аделегациа алахәылацәеи ирҧылеит.

Қырҭтәыла апатриархиа аинформациа ала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла апатриарх иаҵшьны иазгәеиҭеит Кавказтәи арегиони адунеи рҿы аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аҵакы.

 

Шәамахьтәыла ахада Армен Саркисиан Илиа аҩбатәи адкыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Шәамахьтәыла апатриарх Гарегин аҩбатәи иҟынтә асалам иҭеит.