Қырҭтәыла Акаталикос-патриарх Илиа II акоронавирус идбалам
Қырҭтәыла Акаталикос-патриарх Илиа II акоронавирус идбалам

Қырҭтәыла Акаталикос-патриарх Илиа II акоронавирус азы атест изыҟарҵан, акоронавирус адбалам, — ажурналистцәа ари атәы ирзааицҳаит Апатриархиаҿы иҟоу ауаажәлар рҟны аимадара амаҵзура анапхгаҩы апротоиереи Андриа Джаҕмаиӡе.

Қырҭтәыла Аапатриархиа амедицинатә центр анапхгаҩы Вепхиа Одишариа иҳәамҭала,  Апатриархиа аусзуҩцәеи адоуҳатә хаҿқәеи акоронавирус азы атестқәа рзыҟаҵан, аха, аӡәгьы акоронавирус идбалам.

Акоронавирус адиагноз лзышьақәырҕәҕәоуп Апатриарх имаӡаныҟәгаҩ-референт Шорена Ҭеҭруашвили заҵәы.