Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Қарҭи Гониои афинанстә центрқәа дыргылоит
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Қарҭи Гониои афинанстә центрқәа дыргылоит

Қырҭтәыла жәларбжьаратәи афинанстә зонақәа еиҿаҳкаар ҳҭахуп, урҭ раҧҵареи рырҿиареи аинвесторцәа рыдаҧхьалареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, ҳаамҭазтәи афинанстәи атехнологиатәи тенденциақәа раларҵәареи, атәыла арегионалтә афинанстә центрс ашьақәыргылареи иацхраауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аекономика аминистр идиҵеит иашьашәалоу азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рырмазеира апроцесс дахылаҧшырц.

„Ишыжәдыруа ала, мызқәак раҧхьа сара атәылаҿы афинанстә центрқәа раҧҵара аидеиа салацәажәеит. Абри азҵаара иадҳәаланы, ҳара, адунеи идуӡӡоу афинанстә гәыҧқәа иреиу – Rothschild & Co аҟны аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵан, иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылеит. Аекономика аминистр идысҵоит ари апроцесс дахылаҧшырц, Қырҭтәыла аиҳабыра иаҧшьаргаз азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рпакет ирмазеины ицәырыргароуп. Ҳара аидеиеи аинициативеи ауп ҳазлацәажәо – Қырҭтәыла ҷыдалатәи жәларбжьаратәи афинанстә зонақәа аҧаҳҵар ҳҭахуп. Ҳгәы ишаанаго ала, арҭ азонақәа раҧҵареи рырҿиареи аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, аусуратә ҭыҧақәа раҧҵареи, ҳаамҭазтәи афинанстәи атехнологиатәи тенденциақәа раларҵәареи, атәыла арегионалтә афинанстә центрс ашьақәыргылареи иацхраауеит. Абри ауп ҳара ҳазынтәгьы хықәкыс иҳамазааша. Афинанстә ҩ-центрк раҧҵара аидеиа ҳамоуп – Қарҭтәи афинанстә центр Қарҭтәи амшын аҿы, инақәыршәаны, 110 гектар аҵакырадгьыл аҿы еиҿкаахоит, абри аҭыҧ атәылеи арегиони рҿы иалкаау аусуратә центрс иҟалар ҳҭахуп. Абри аҩызаҵәҟьа ацентр аҧҵара ҳгәы иҭоуп Аҷара, Гонио аҵакырадгьыл аҿы. Гонио иаҳа зызкызаара дуу ацентр еиҿаҳкаауеит. Ари ахырхарҭала активла аусура ҳалагахьеит. Ҷыдалатәи афинанстә зонақәа жәларбжьаратәи аилахәырақәа ирыдаргалоит азеиҧш зин апринципқәа рышьаҭала еиқәыршәоу азинтә режими, иара убас, жәларбжьаратәи аҧышәа ашьаҭала иаҧҵоу арегулиациатәи афискалтәи режими. Зегьы реиҳа ихадоу – афинанстә зонақәа рҿы аус зуа жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҿы, бжеиҳарала, Қырҭтәыла атәылауаа аусура иалагоит, дара азанааҭтәи акариератәи аҿиара аганахьала алшара ҷыда роуеит”, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қарҭи Гониои афинанстә центрқәа раҧҵара апроцесс иалахәызаауеит жәларбжьаратәи арепутациа бзиеи аҧышәа дуи змоу аилахәырақәа, урҭ иреиуп атәыла аиҳабыра рыбжьагаратә еилахәыра Rothschild. Мчыбжьык ашьҭахь аилахәыра аделегациа атәылашҟа иааны, активла аусура иалагоит.