Қырҭтәыла аиҳабыра адгьылтә аҳәаа аартра алшара иахәаҧшуеит
Қырҭтәыла аиҳабыра адгьылтә аҳәаа аартра алшара иахәаҧшуеит

«Сара агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла атуризм, ҳшазыҧшыз еиҧш акәымкәа, иаҳа ирласны ишеиҭашьақәгыло», — илҳәеит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава. Лара Қырҭтәыла аделегациа аилазаараҿы, Мадрид имҩаҧысуа атуристтә цәыргақәҵа  Fitur 2021 аусура далахәып.

Турнава лгәаанагарала,   атуризм 30 наӡынала еиҭашьақәгылоит,  абри арбага 50 наӡынанӡагьы ишьҭыҵыр ауеит.

«Аглобалтә пандемиа иахьыҧшу рацәоуп, аха, авакцинациа иалагахьеит,  аоптимизм ҳамоуп, еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә агәыҧқәа ҳзаауеит», — илҳәеит Турнава.

Аминистр лҳәамҭала,  Персиатәи аӡыбжьахалеи, Изаили, Евроеидгылеи, уи агәылара иҟоу атәылақәеи рҟынтә Қырҭтәыла иаҭаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара ацлеит.

«Адгьылтә аҳәаа ааҳартыр, уигьы агәылара иҟоу атәылақәа рҟынтә атуристцәа раара иацхраауеит, ҳара ари азҵаара ҳалацәажәоит. Аҧхынразы адгьылтә аҳәаа аартра ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит, ҳәарада, арегулиациақәа зегьы рыла, аҳаиртә аҳәаа шааҳартыз еиҧшҵәҟьа», — илҳәеит Турнава.