Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра – Хәажәкыразы авакцинациа алагара азҵаара реалла алацәажәара ҟалоит
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра – Хәажәкыразы авакцинациа алагара азҵаара реалла алацәажәара ҟалоит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала,   Astrazeneca  авакцина Британиа авторизациа аиуит,  уи аҵакы ду амоуп,  избанзар зыӡбахәы ҳәоу авакцина зегьы реиҳа Қырҭтәыла ианаалоит. Убри аҟынтә,  Габуниа ишылҳәаз ала,   европатәи арегион аҿы ари авакцина иазхаҵаны, инарҭбааны ахархәара ианалагалак, Қырҭтәылагьы ари авакцина аиур  алшоит.

Габуниа даҽазнык иазгәалҭеит  мшаҧы азы Қырҭтәыла  COVAX-Platform  аҟынтә авакцина аиура ишазыҧшу,  аха,  аамҭакала,  егьырҭ аиуеиҧшым атәылақәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.