Қырҭтәыла Афганистан аҭынчрачаҧаратә миссиа хыркәнашеит
Қырҭтәыла Афганистан аҭынчрачаҧаратә миссиа хыркәнашеит

17 шықәса рыла, ҳтәылеи ҳаруаа фырхацәеи крызҵазкәа алагала ҟарҵеит адунеи аҿы аҭынчра ахьчареи атерроризм аҿагылареи аус аҿы. Ҳаруаа рхы иамеигӡакәа иқәҧон, ишақәнагоу еиҧш иқәҧон, урҭ рыбзоурала ҳтәыла, иаҧсоу апартниор ҳасабала, ахьӡ шьҭыҵит, ҳарбџьармчқәа ргәымшәареи рзанааҭдырреи иазхаҵоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Афганистан аҭынчрачаҧаратә миссиа ахыркәшара инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, Алианс иалам атәылақәа рыбжьара, аруаа рхыҧхьаӡарала зегьы реиҳа идууз контрибиуторын. Қырҭтәыла ишьақәнарҕәҕәеит аглобалтә шәарҭадара апроцесс аҿы НАТО иалахәы атәылақәеи апартниор тәылақәеи ишрыдгыло.

«НАТОи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи рҭынчрачаҧаратә миссиақәа рҿы ҳтәылеи ҳарбџьармчқәеи рылахәызаареи, ҳаара иҟаҳҵо алагалеи лабҿаба аанарҧшуеит ҳтәыла адунеи зехьынџьара ашәарҭадара аиқәыршәареи аглобалтә ҭынчра ашьақәыргылареи ишазыхиоу.  2004 шықәса ианаркны Афганистан имҩаҧысуаз аҭынчрачаҧаратә миссиагьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Ҳара,  Алианс иалам атәылақәа рыбжьара, аруаа рхыҧхьаӡарала,  абри амиссиаҿы  зегьы реиҳа идуу алагала ҟаҳҵеит, ҳара аус ала ишьақәҳарҕәҕәеит аглобалтә шәарҭадара апроцесс аҿы НАТО иалахәы атәылақәеи апартниор тәылақәеи ҳашрыдгыло», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.