Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа 52-тәи арунд иазку аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа 52-тәи арунд иазку аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа 52-тәи араунд иазку аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, хәажәкыра 26 рзы Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа 52-тәи арунд мҩаԥган. Араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәдыргылаз ихадоу азҵаарақәа иреиуан акоронавирус апандемиаан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгылқәа рҿы ашәарҭадареи агуманитартә ганахьала ицәгьахаз аҭагылазаашьеи, Урыстәыла аннексиа апроцесс анагӡареи изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭра азҵаареи.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аделегациа Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аднакылаз аҭоурыхтә аӡбамҭа азааҭгылеит. Ари аӡбамҭа аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара апроцесс аҿы жәларбжьаратәи зинтә инструментуп.

Аилацәажәарақәа раан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа дефакто раннексиа апроцесс активхареи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара асоциалтә-економикатә қәыԥшылара иазку «апрограмма» ашьақәырӷәӷәареи, Урыстәыла ахадеи Аҟәа ампыҵахаларатә режими аидгылараә аҳәынҭҟарра аԥҵара азҵаара ахцәажәараан, аҟырҭуа делегациа ахаҭарнакцәа акоронавирус апандемиаан Урыстәыла имҩаԥнагоз апровокациақәа, абордеризациеи, Берлинтәи аҭӡ ҿыц аргылареи, атәылауаа изакәанымкәа раанкылареи уахь иналаҵаны, ирызку азҵаара иқәдыргылеит.

Аилацәажәарақәа раан Цхинвалии Аҟәеи изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыԥшра ҟамҵакәа рхақәиҭра аҳәара иқәдыргылеит.

Иара убас аилацәажәарақәа раан аҭыԥ хада аннакылеит ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ аиҭаҵразы иҟоу аԥкрақәа ирхылҵуа агуманитартәи асоциалтә-економикатә лҵшәа бааԥсҵәа.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа 52-тәи рраунд аҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь  EUMM амиссиа хаҭарнакцәеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара жәларбжьаратәи еиҿкаара ахаҭарнакцәеи рнарышьҭра азҵаара иқәдыргылан.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа иашьҭанеиуа арунд 2021 шықәса рашәара 29-30 рзы мҩаԥгахоит.