Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаақәа рделимитациа-демаркациа азҵаара ирзықәгыргылом Қырҭтәыла аҵакырадгьыл адеоккупациеи амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡамкәа

Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаақәа рделимитациа-демаркациа азҵаара изықәгылахом  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони Урыстәыла ала импыҵахаланы иахьынӡаҟоу, Урыстәыла амца аанкылара иазкны  2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нанагӡаанӡа, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит жәларбжьаратәи зин ахадаратә нормақәа  инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә рхатә бџьармчқәа алыргарц.