Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Импыҵахалоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩи Сириа иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩи Дамаск реиҧылара иадҳәаланы Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҟны акоммуникациа иҟан
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Импыҵахалоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩи Сириа иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩи Дамаск реиҧылара иадҳәаланы Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҟны акоммуникациа иҟан

 

Импыҵахалоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩи Сириа иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩи Дамаск реиҧылара иадҳәаланы Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҟны акоммуникациа иҟан. Ари аинформациа аланарҵеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Китаитәи аган ишырҳәаз ала, азеилымкаарак ҟалазар ауеит, дара ари азҵаара аҭҵаара иаҿуп.

Аиҿцәажәара аан аганқәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, китаитәи аган аәҳаанырцә  иҟоу рыцҳаражәҳәарҭақәа аинформациа наӡа рырҭоит абри аҩыза афактқәа уаҳа иҟамларцаз.

Китаитәи аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.