Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ацҳаражәҳәаҩ Украинаҟа ирхынҳәразы аӡбара рыдыркылоит  иааиуа амшқәа рзы

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишьақәдырҕәҕәеит Украинаҟа ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра шырыӡбаз.

Аусбарҭа апрессмаӡаныҟәгаҩ  Мари Нарчемашвили  «Актәи аканал»  иазаалыцҳаит Ҭеимураз Шарашениӡе Киеҟа ирхынҳәра иазку аӡбара шрыдыркыло иааиуа амшқәа рзы.

«Агәра шәсыргар сҭахуп иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩ Украинаҟа ирхынҳәразы аӡбара шрыдыркыло. Ишдыруа ала, иара аконсультациақәа рзы иҧхьеит.  Украина иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа, ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа, Украинеи Қырҭтәылеи ирзеиҧшу апроблемақәа, арегион аҿы ашәарҭадара уҳәа, абарҭ азҵаарақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, ақырҭуа миссиа анапхгаҩы иҭыҧаҿы дыҟазароуп. Убри аҟынтә, ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра азҵаара ӡбахоит иааиуа амшқәа рзы. Уажәтәи аетап азы ацҳаражәҳәаҩ иҧсахра азҵаара иқәгылам, Киевҟа дхынҳәуеит уажәтәи ацҳаражәҳәаҩ Ҭеимураз Шарашениӡе», — ирҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.