Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Аформата 3+3 аҿы Москва имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла абираҟ цәырган, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Аформата 3+3 аҿы Москва имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла абираҟ цәырган, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым

«Аформата 3+3 аҿы Москва имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла абираҟ цәырган, ҳәарада, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адиректориат аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭа абри афакт ақәҿнаҭит иашьашәалоу адипломатиатә каналқәа рыла.

«Ақырҭуа аган изныкымкәа аарыцҳахьеит Қырҭтәыла арегионалтә формат  3+3 ишалахәым. Ҧхынҷкәын 10 рзы Москва имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла абираҟ цәырган, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым, абри афакт ақәҿыҭра аҳҭоит иашьашәалоу адипломатиатә каналқәа рыла», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аформат 3+3  раҧхьатәи аиҧылара Москва имҩаҧган ҧхынҷкәын 10 рзы. Аиҧылара рхы аладырхәит Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Ирани, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи рделегациақәа.  Аиҧыларанӡа мышкы шагыз ақырҭуа аган аргама аарыцҳаит Қырҭтәыла зыӡбахәы ҳәоу аформат ишалахәым.