Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Иахьа, қарҭтәи аамҭала асааҭ  13:41 рзы,  Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

Асеисмологиатә маҵзура амилаҭтә центр адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр Ниноҵминда амуниципалитет иаҵанакәа Самеба ақыҭан иҟан.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра  4,0 магнитуда амч аман.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла изныкымкәа адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылаҵантәи аахақәа зегьы репицентр Самеба ақыҭан иҟан. Иахьа ашырҧаз, қарҭтәи аамҭала асааҭ  05:44 рзы,  5,1 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҕәҕәа ҟалеит.