Қырҭтәыла аҵәа аеқспорт, ҵыҧх аасҭа 13нтә иазҳаит
Қырҭтәыла аҵәа аеқспорт, ҵыҧх аасҭа 13нтә иазҳаит

 

Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи аминистрра адыррақәа рыла, 2020 шықәса нанҳәа 1 инаркны абҵара  29-нӡа, Қырҭтәылантә аескорт ашҟа идәықәҵоуп   5 562 тонна аҵәа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аекспорт ахь идәықәҵоуп  2,4 миллион адоллар ахә аҵәа. Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, абарҭ арбагақәа ҵыҧхтәи арбагақәа  13нтә иреиҳауп, аекспорт аҟынтә ахашәалагьы  2,1 миллион адоллар ала еиҳауп.

Сынтәа ақырҭуа аҵәа аекспорт мҩаҧган Урыстәылеи, Казахстани, Шәамахьтәылеи, Сингапури, Гонконги рахь.