Қырҭтәыла аԥыза-министр визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит
Қырҭтәыла аԥыза-министр визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аусуратә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ивизит Ильҳам Алием иҟны аиԥыларала иалагоит. Аиԥылара “Загульба” ахан аҟны мҩаԥгахоит.

Ишиашоу аиԥылара ашьҭахь Ильҳам Алиев Иракли Ӷарибашвилии аделегациа плахәылацәеи рыхьӡала аусуратә шьыжьхьа мҩаԥигоит.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рԥыза-министрцәа рхантәаҩрала атәылақәа реиҳабырабжьаратә аекономикатә комиссиа еилатәара мҩаԥгахоит. Уи ашьҭахь аганқәа амеморандум рнапқәа аҵарҩуеит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр дызхагылоу Қырҭтәыла аделегациа иалоуп вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани, Аекономика аминистр Наҭиа Ҭурнава, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.