Қырҭтәыла,  9 километр аура змоу, Қвешеҭии Кобии еимыздо аҳапкылҵәа  ҿыц аргылара иалагеит
Қырҭтәыла, 9 километр аура змоу, Қвешеҭии Кобии еимыздо аҳапкылҵәа  ҿыц аргылара иалагеит

 

Қырҭтәыла 9 километр аура змоу, Қвешеҭии Кобии еимыздо аҳапкылҵәа  ҿыц аргылара иалагеит.  Ацеремониаҿы дыҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қвешеҭи-Коби амҩа ҿыци Аахыҵ Кавказ зеиҧшыҟам аҳапкылҵәеи  —  ашәышықәса апроект ауп, уи ианалгалак, Қарҭынтә Ҟазбегинӡа анеиразы сааҭкибжаки мацароуп иаҭаххо.

Аргыларатә усурақәа мҩаҧнагоит Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент. Апроект аҧара азоурышьҭит Азиатәи аҿиара абанки Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки  (ADB, EBRD).

Апроект хдыркәшараны иҟоуп  2024 шықәсазы.