Қырҭтәыла 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа ахәыҷқәа "Фаизер" алаҵа рзыҟаҵара ҟалоит
Қырҭтәыла 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа ахәыҷқәа "Фаизер" алаҵа рзыҟаҵара ҟалоит

Қырҭтәыла 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа ахәыҷқәа “Фаизер” алаҵа рзыҟаҵара ҟалоит. Ари атәы аалыцҳаит Агәбзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа аиммунизациа азҵаарақәа рзы ахеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Ахәыҷы алаҵа  изыҟарҵарц аҭаацәа рықәшаҳаҭра аҭахуп.

„Ахеилак аднакылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа ахәыҷқәа “Фаизер” алаҵа ҩдозак  рзыҟаҵара ҟалоит. Ахәыҷы алаҵа  изыҟарҵарц аҭаацәа рықәшаҳаҭра аҭахуп,” – илҳәеит Габуниа.