Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель инаскьагара ацеремониа мҩаԥган
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель инаскьагара ацеремониа мҩаԥган

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель инаскьагара ацеремониа мҩаԥган.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани днаскьеигеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыда ахада ладминистарциа ахада Наҭиа Сулава, Бельгиеи Лиуқсембурги рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩы Наталиа Сабанаӡе, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәәаҩ Карл Ҳарцель.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мишель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи  аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи дырҧылеит.

Иара убас, Европатәи Ахеилак ахада, ампыҵәахалатә цәаҳәа ашҟа днеины, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа гәеиҭеит.