Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Михеил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаԥыусеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Михеил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаԥыусеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Михеил Саакашвили Қырҭтәыла иҭаара аус азы иаанкылоу – Гиорги Нариманиӡеи, Елгуџьа Цомаиеи, Зураби Шавлеи Ҵоҵориааи рыӡбаратә процесс мҩаԥыусеит.

Иахьатәи апроцесс аҿы иаанкылоу ахаҿқәа рҭакра азҵаара еиҭахәаԥшуеит.

Апрокуратура иаанкылоу аҭакра рзааныжьра иқәнаргылоит.

Адукатцәа иаанкылоу ахаҿқәа роужьра аҳәара иқәдыргылоит.

Аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 375-тәи ахәҭач аҩбатәи ахәҭеи, 344-тәи прима ахәҭач ахԥатәи а ахәҭеи, 344 ахәҭаҷ актәи ахәҭеи рыла.

Ахара зду Гиорги Нариманиӡеи, Елгуџьа Цомаиеи, Зураби Шавлеи Ҵоҵориааи ацәгьаура аҵәахра ирхарадырҵоит. Елгуџьа Цомаиа, иара убас, ахара идуп аҳәаа изакәанымкәа ахысраҿ ацхыраара.