Қарҭ, Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы, Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу акциа мҩаҧысуеит  (афото)
Қарҭ, Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы, Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу акциа мҩаҧысуеит  (афото)

Қарҭ, Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы, Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу акциа мҩаҧысуеит.

Зымҽхак дуу акциа иалахәып атәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә иааиз ауааҧсыра.

Аларҵәара зауз аинформациа ала,  амитинг аиҿкааҩцәа аҳҭнықалақь аҿы ақьалақәа рыргылара ргәы иҭоуп.

Намахвантәи ГЕС аргылара иҿагылоу ауааҧсыра атәыла аиҳабыра аҳәарақәак рзықәдыргылеит. Раҧхьа иргыланы, ауаа Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра «Enka»-и  2019 шықәса мшаҧы 25 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҧыхра иаҳәоит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Риони аӡиас аҿы Намохвантәи ГЕС дыргылараны иҟоуп.  Иара убас, акциа алахәылацәа, зыӡбахәы ҳәоу аилатәыра Риони аҧсҭҳәа алгареи аекономика аминистр Наҭиа Турнава ламхреи иаҳәоит.

Мшаҧы 24 рзы, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Аиустициа аминистрра иадиҵеит аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа ҭырҵаарц.

Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рааҧхьаара ала, абри апроцесс ихы алаирхәоит Европатәи Ахеилак Аенергетикатә хеилак ахаҭарнак. Жәларбжьаратәи аексперт Намохвантәи ГЕС аҧсабаразы иаиур зылшо анырра ҭиҵаауеит.

Аиҳабыраҿы ишаарыцҳаз ала, уажәазы, аӡфымцатә станциа аргыларазы  аморатори аарыцҳаит, апроект иадҳәалоу аекологиатәи, агеологиатәи, асеисмологиатәи аихшьаалақәа еиҭахәаҧшны еиҭашьақәдырҕәҕәаанӡа.