Қарҭ имҩаԥысран иҟоу акциа аҽалархәразы "Амилаҭтә ҵысра" адгылаҩцәа арегионқәа рҟынтә Қарҭ дәықәлеит
Қарҭ имҩаԥысран иҟоу акциа аҽалархәразы "Амилаҭтә ҵысра" адгылаҩцәа арегионқәа рҟынтә Қарҭ дәықәлеит

Қарҭ имҩаԥысран иҟоу акциа аҽалархәразы “Амилаҭтә ҵысра” адгылаҩцәа Қарҭи Гуриеи рҟынтә Қарҭ дәықәлеитю Урҭ Шеквеҭили иҟоу “Блеқ си арена” ааигәара еизеит. Акциа алахәылацәа идҵаны иқәдыргылоит Михеил Саакашвили ихы дақәиҭыртәырц.

“Иахьа Михеил Саакашвили имш ироуп. Уи ихы дақәиҭыртәыроуп. Иахьа имҩаԥысран иҟоу акциахь ҳдәықәлоит.

Аҷарантә 2000-ҩык рҟынӡа ҳцоит,” – ааицҳаит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Бондо Ҭедораӡе.