Қарҭ ахадара Сакребуло миллиарди 50 миллиони лари иаҟароу абиуџет азы апроект аланагалеит
Қарҭ ахадара Сакребуло миллиарди 50 миллиони лари иаҟароу абиуџет азы апроект аланагалеит

Аҳҭнықалақь  ахадара  Қарҭтәи амуниципалитет 2021 шықәсатәи абиуџьет аус адулара хыркәнашеит. Ацентртә  напхгарантә амуниципалитет аиуа атрансфер ҷыда изаҟароу еилкаауп,  – ари атәы аҳҭнықалақь Аиҳабыра реилатәара аҿы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе иажәақәа рыла, ари атранш 225 миллион лари иаҟароуп. Қарҭ ахадара Сакребуло миллиарди 50 миллиони лари иаҟароу абиуџет азы апроект аланагалеит.

Қарҭ ахада иажәақәа рыла, абиуџьет аҿы аҭыԥ хада ааныркылоит агәабзиарахьчаратәи асоциалтә  программақәа.

Агәабзиарахьчаратәи асоциалтә  программақәа рзы абиуџет 33% иазыԥхьагәаҭоуп. Ари 350 миллион лари иреиҳауп. Арҭ апрограмақәа рыла ацхыраареи адгылареи зегь реиҳа зҭаху аҭаацәарақәеи атәылақәеи ҳрыцхраауеит. Ари ахыхарҭала абиуџет 21 миллион лари ала иазҳауеит,» – иҳәеит Калаӡе.