Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Мегис Қардава иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит [афото]
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Мегис Қардава иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит [афото]

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Арратә полициа адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Мегис Қардава иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит.

Ахара зду ахаҭагьы аӡбаратә аилатәараҿы дыҟоуп.

Мегиса Қардава  идукат Малхаза Велиџьанашвили, иҳәамҭала, Қардава абахҭаҿы абаандаҩцәа рыргәаҟра ихарарҵоит.

Иахьатәи апроцесс аҿы Ельдар Қобалиеи, Мераб Колбаиеи,   Коба Маткавеи рыргәаҟра аус иахәаҧшуеит.

Мегис Қардава Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изун  цәыббра 17 рзы. Қардава 5 уск рзы азыӡба иоухьеит,  6-тәи аус азы аусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит.