Қарҭ аадыртит хабарда ибжьаӡыз ауаа рмемориал
Қарҭ аадыртит хабарда ибжьаӡыз ауаа рмемориал

Аиналареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании Қырҭтәыла иҟоу Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи комитет анапхгаҩы Северин Шапази, Қарҭ, Ҭамарашвили ихьӡ зху аллеиаҿы аадыртит    1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аиҿагылареи 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьреи раан хабарӡа ибжьаӡыз ауаа рмемориал.

Аофициалтә информациа инақәыршәаны,  1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз арратә аиҿагылареи  2008 шықәсатәи Урыстәыла – Қырҭтәылатәи аибашьреи раан  Қырҭтәыла хабарда ибжьаӡит  2300ҩык иреиҳаны ауааҧсыра.