Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҿы  Андроннтә терапиа ацентр апроекттә усурақәа иалагеит
Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҿы  Андроннтә терапиа ацентр апроекттә усурақәа иалагеит

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҿы  Андроннтә терапиа ацентр апроекттә усурақәа иалагеит. Ари аинформациа аланарҵәеит ауниверситет аҿы еиҿкаау ауаажәлар рҟны аимадара амаҵзура.

Аинформациа ишану ала, апроект нанагӡоит адунеи иреиҕьу архитектуратә биуро  —  испаниатәи агәыҧ  IDOM.  Уаҵәи уаҵәашьҭахьи  аилахәыра ахаҭарнакцәа ауниверситет акампус иаҭаауеит.  Апроект рхы аладырхәоит  бельгиатәи аилахәыра  IBA ахаҭарнакцәагьы, дара Қырҭтәыла иаахаьеит. Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра  апротоннтә терапиа ала акьыба ачымазара ахәшәтәра аганахьала адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиуп.

Ауниверситет аҿы Анроннтә терапиа ацентр аадыртуеит  2024 шықәсазы. Апроект аҧара азоунашьҭит Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд «Қарҭу».