Қәҭешьи Кракови рыбжьара авиареисқәа еиҭашьақәгылоуп
Қәҭешьи Кракови рыбжьара авиареисқәа еиҭашьақәгылоуп

Иахьа инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Краков ахырхарҭала авиареисқәа  рынагӡара еиҭалагоит Wizz Air.

Польшатәи ақалақь ахь ареисқәа рынагӡара цәыббра 28 инаркны  иалагоит. Иахьазы Қәҭешьынтә Польша хәқалақьк рахь аԥыррақәа нагӡоит. Арҭ ақалақьқәа роуп Варшава Гданск, Вроцлав, Котовиц, Краков.