Қәҭешь аҟынтә «Визеар» 20 хырхарҭала аԥырра алагоит, Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ зыхә мариоу авиаеилахәырақәак ицәырҵуеит
Қәҭешь аҟынтә «Визеар» 20 хырхарҭала аԥырра алагоит, Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ зыхә мариоу авиаеилахәырақәак ицәырҵуеит

Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа  Ҭурнава аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы арегулиартә реисқәа реиҭашьақәыргылара азҵаара дахцәажәеит.

Аминистр лажәақәа рыла, аԥыррақәа авиаеилахәырақәак еиҭашьақәдыргылеит, иара убас   Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ зыхә мариоу авиаеилахәырақәак ицәырҵуеит,

«Аԥыррақәа еиҭалагеит Украинатәи авиацәаҳәақәа, Флаи Дубаи, Еар Арабиа, хәажәкыра абжа инаркны аԥыррақәа иалагоит «Бута еарвеис», иара убас «Еарастана», «Флаи Аристан». Авиаеилахырақәак аԥыррақәа рхыԥхьаара иазҳауеит,» – илҳәеит аминистр.