Польша аҧыза-министр  НАТО ахь ааҧхьара ҟаиҵеит амигрантцәа ирыдҳәалоу акризис аҭыҧқәҵаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц
Польша аҧыза-министр  НАТО ахь ааҧхьара ҟаиҵеит амигрантцәа ирыдҳәалоу акризис аҭыҧқәҵаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц

Польша аҧыза-министр  НАТО ахь ааҧхьара ҟаиҵеит амигрантцәа ирыдҳәалоу акризис аҭыҧқәҵаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Матеуш Моравецки иҳәамҭала,  Польшеи Литвеи Латвиеи, беларустәи аҳәааҿы иҟоу амиграциатә кризис иадҳәаланы, Аҩадаатлантикатә аиқәшаҳаҭра аҧшьбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны,  НАТО иалахәы аҳәынҭқаррақәа рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп.

НАТО аҧшьбатәи ахәҭаҷ ишану ала, иарбанызаалак аҳәынҭқарра, уи аҵакырадгьылтә акзаара, ашәарҭадара, ма аполитикатә хьыҧшымра ашәарҭара иҭагылар, аконсультациақәа рымҩаҧгара аҳәара азин амоуп.

Польша аҧыза-министр игәаанагарала, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы  аҳәамҭақәа  мацара иазхом, аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп.