Ҧхынҷкәын 18 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор Ҳанс Клиуге
Ҧхынҷкәын 18 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор Ҳанс Клиуге

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, уаҵәы, ҧхынҷкәын 18 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор Ҳанс Клиуге.

Лара ишылҳәаз ала, Клиуге хәымш Қырҭтәыла дыҟазаауеит.

«Ари авизит аҵакы ду амоуп ҳазхысыз апериод ахәшьара аҭареи, иара убас,  акоронавирус ахылаҧшра аганахьала ҳстратегиа ахцәажәареи, агәабзиаарахьчара аминистрраҿы зымҩаҧгара ҳгәы иҭоу ареформақәа рылацәажәара аганахьалагьы.

Иара дицны Қырҭтәыла даҽаауеит ҳаицтәылауаҩ, ҳаҭыр зқәу Нино Берӡнули, ларгьы ареформақәеи, раҧхьатәи агәабзиарахьчареи, ҳтехнологиақәа рырҿиареи иазкны акосультациақәа мҩаҧылгоит», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.