„Ҧхашьароуп“ аиҿкааҩцәа акциа анҵәамҭазы аманифест аладырҵәеит  
„Ҧхашьароуп“ аиҿкааҩцәа акциа анҵәамҭазы аманифест аладырҵәеит  

 

 

Апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциа анҵәамҭазы  Ҧхашьароуп“ аиҿкааҩцәа  аманифест аларҵәаны, ауаа иддырдырит ҳаҧхьаҟа имҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа рплан.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, аманифест аҿы иарбоу апунктқәа инырқәыршәаны ақәҧара нарыгӡоит.

Акциа аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала,   Биӡина Иванишвили инапхгара ҭынч  ихдыркәшар  рҭахуп.  Ари ахықәкы анагӡаразы, Қарҭи арегионқәеи рҿы активистцәа ргәыҧқәа еиҿыркаараны иҟоуп, рашәара 25 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан иаанкылаз ауааи азарал зауз атәылауааи аиуристтә цхыраара рырҭоит, Биӡина Иванишвили иӡыргара иаҿу амедиа иаҵазырхаша амедиаплатформа ҿыц еиҿыркаауеит.

«Ҳара жәларбжьаратә аренаҿы Иванишвили даҵаҳархоит. Қырҭтәылаҿ Иванишвили даҵаҳархоит. Қырҭтәылаҿ Урыстәыла аҵаҳархоит, » – иануп аманифест аҿы.