Ҧуҭ иҟалаз автоамашәыр аан ҩыџьа аҷкәынцәа ҭахеит
Ҧуҭ иҟалаз автоамашәыр аан ҩыџьа аҷкәынцәа ҭахеит

Ҧуҭ иҟалаз автоамашәыр аан ҩыџьа аҷкәынцәа ҭахеит. Амашәыр ҟалеит Малҭаҟва ааигәара.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аласра ду ала иеиҭаҵуаз амашьына аҵла иаахеит.

Акоординациеи хырҧашьа змам ацхыраареи ацентр  аменеџьер Кесо Гелениӡе ишиҳәаз ала,  ацхыраара лас абригада аҭыҧашҟа ианнеи, амашьына иҭатәаз аҷкәынцәа рҩыџьагьы иҧсхьан.