Париж, ацқьа Нино лыхьӡ зху ақырҭуа уахәамаҿ аинрал Гьаргь Квинитаӡеи иԥҳәыс, Мариам Маҟашвилии ргәалашәара иазкны апанихида мҩаԥган
Париж, ацқьа Нино лыхьӡ зху ақырҭуа уахәамаҿ аинрал Гьаргь Квинитаӡеи иԥҳәыс, Мариам Маҟашвилии ргәалашәара иазкны апанихида мҩаԥган

Жан Шарден ихьӡ зху ақырҭуа-францыз академиа асоциалтә каҭаҿы аланарҵәаз адырра инақәыршәаны, Париж, ацқьа Нино лыхьӡ зху ақырҭуа уахәамаҿ аинрал Гьаргь Квинитаӡеи иԥҳәыс, Мариам Маҟашвилии ргәалашәара иазкны ауахәама анапхгаҩы аб Арчил Давришвили апанихида мҩаԥгигеит.

“100 шықәсатәи аиԥырҵра ашьҭахь, аинрал Қырҭтәыла дхынҳәуеит. Гьаргь Квинитаӡе иԥсыбаҩ лаҵара 26 рзы Мҭаҵминда дамардоит,” – иануп аинформациа аҿы.

Ацеремониа рхы аладырхәит Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аофициалтә хаҭарнакцәеи, Франциа иҟоу адиаспора ахада Оҭар Зурабашвилии, Гьаргь Квинитаӡе имоҭацәеи иуацәеи.