Паата Имнаӡе Қырҭтәыла зегьы раҧхьа, ишиашоу аефир аҿы, акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟаиҵоит
Паата Имнаӡе Қырҭтәыла зегьы раҧхьа, ишиашоу аефир аҿы, акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟаиҵоит

Уаҵәы, асааҭ  09:00 рзы, Паата Имнаӡе, Қырҭтәыла зегьы раҧхьа,  ишиашоу аефир аҿы, акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟаиҵоит, — ари атәы ааицҳаит Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа  адиректор Ҭенгиз Церцваӡе.

Иара иажәақәа рыла,  авакцина «Астразенека»  43 нызқь адозақәа, ҩымчыбжь рыла, хықәкыла рхы иадырхәоит.

«Ауааҧсыра зегьы раҧхьатәи амш иазыҧшуп, зегьы қәҿиарала шымҩаҧысуа анырбалак, авакцина аҟаҵара зҭахым ауаа маҷхоит», — иҳәеит Ҭенгиз Церцваӡе.