Паата Имнаӡе атәылаҿы алокдаун наӡа алаҳәара иазку аинформациа шьақәирҕәҕәом
Паата Имнаӡе атәылаҿы алокдаун наӡа алаҳәара иазку аинформациа шьақәирҕәҕәом

Ачымазарақәа рмилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе акоронавирус аларҵәара амшала атәылаҿы  атранспорттә аиҭаҵра аамҭала аанкыланы алокдаун наӡа рыларҳәоит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа шьақәирҕәҕәом.

Имнаӡе иҳәамҭала, ари аинформациа ииашам.

Иара иажәақәа рыла, аҧкрақәа зегьы нагӡахоит заанаҵы еиқәыршәаз ҩымзтәи аплан инақәыршәаны.

«Зыӡбахәы ҳәоу аинформациа ииашам.  Рацыҳарас иҟалаз, ауаа рацәа  ииашам аинформациа аладырҵәоит, », — иҳәеит Имнаӡе.