Паата Имнаӡе акоронавирус азы алаҵа ишиашоу аефир аҿы изыҟарҵеит [афото/авидео]

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Паата Имнаӡе акоронавирус азы “Астразенека” алаҵа ишиашоу аефир аҿы изыҟарҵеит. Авакцинациа апроцесс Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿ мҩаԥган.

Хәажәкыра 13 рзы Қырҭтәыла “Астразенека”  (AstraZeneca/Oxford) алаҵақәа актәи апартиа – 43 200 адоза “Ковакс” аплатформа аҟынтә аиуит.

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центри авакцинациа аплани рыла, Қырҭтәыла 29 арегионқәа рҿы авакцинациа хәажәкыра 15 рзы алагеит, хәажәкыра 17 рзы алаҵақақәа Қырҭтәыла зегь аҟны мҩаԥгахоит. Инеизакны авакцинациа апроцесс 89 арегионқәа рҟны мҩаԥыргоит.