Озургеҭи иҟоу Аҳәынҭқарратә фольклортә центр аҧхьа Анзора Ерқомаишвили имемориалтә ҕәы аадыртит
Озургеҭи иҟоу Аҳәынҭқарратә фольклортә центр аҧхьа Анзора Ерқомаишвили имемориалтә ҕәы аадыртит

Озургеҭи иҟоу Аҳәынҭқарратә фольклортә центр аҧхьа Анзора Ерқомаишвили имемориалтә ҕәы аадыртит.

Амемориалтә ҕәы аадыртит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Анзор Ерқомаишвили иҧҳәыс Лали Сетуриӡеи.

Иракли Ҕарибашвили Анзор Ерқомаишвили ақырҭуа культура аҿиара аус аҿы иҟаиҵаз алагала далацәажәеит.

Аиҳабыра рыӡбара ала, Аҳәынҭқарратә фольклортә центр Анзор Ерқомаишвили ихьӡ ахырҵеит.

Амузыкант, афольклорист, ансамбль  «Русҭави» ашьаҭаркҩы Анзор Ерқомаишвили,  80 шықәса шихыҵуаз, хәажәкыра 31 рзы иҧсҭазаара далҵит. Иара Мҭаҵминда иҟоу апантеон аҿы анышә дарҭеит.