Оҭар Данелиа - Аиҳабыратә ҧсахрақәа хрыламцәажәеит, астатистикатә дыррақәа роуп ҳазлацәажәоз
Оҭар Данелиа - Аиҳабыратә ҧсахрақәа хрыламцәажәеит, астатистикатә дыррақәа роуп ҳазлацәажәоз

Аиҳабыратә ҧсахрақәа хрыламцәажәеит, астатистикатә дыррақәа роуп ҳазлацәажәоз, – иҳәеит аиҳара адепутат Оҭар Данелиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аофис аҿы Аҧыза-министри апарламенттә аиҳареи реиҧылара ашьҭахь

Уи иҳәамҭала,  раҧхьа иргыланы. аиҧылараҿы  астатистикатә дыррақәа ирзааҭгылеит.

ЕАР ахәыҷтәы фонд Қырҭтәыла ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаҧыргеит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны,  Қырҭтәыла ауааҧсыра рыхәҭак аҕарра иҭагылоуп. Иара убас, аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,  зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара  аҳәынҭқарратә программа рхы иадырхәоит 82% ауааҧсыра.