Нино Ломџьариа - Михеил Саакашвили 18-тәи аусҳәарҭаҿ ишиарҳәаз ала, аконсилиум аӡбара инақәыршәаны уи амультифцнкциатә клиникахь диаргоит
Нино Ломџьариа - Михеил Саакашвили 18-тәи аусҳәарҭаҿ ишиарҳәаз ала, аконсилиум аӡбара инақәыршәаны уи амультифцнкциатә клиникахь диаргоит

Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа лажәақәа рыла, Михеил Саакашвили 18-тәи аусҳәарҭаҿ ишиарҳәаз ала, аконсилиум аӡбара инақәыршәаны уи амультифцнкциатә клиникахь диаргоит. Ари атәы Нино Ломџьариа абахҭаҿ иҟоу ахәышәтәырҭантә дандәылҵ аалыцҳаит.

Ломџьариа ишаалыцҳаз ала, Михеил Саакашвили аахақәа имоуп ҳәа иубарҭам.

“Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, уи иарҳәеит атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь шәнаргоит ҳәа, аха ҳара 12-тәи абахҭахь ҳаннеи, абаандаҩы Саакашвили 18-тәи аусҳәарҭахь дышиаргоз иахьиарҳәаз атәы аофициалтә документ ҳзымԥшааит. Саакашвили ихаҭа ишҳаиҳәаз ала, уи атәылауаҩратә клиникахь дшыргоз идыруан, убри аҟынтә 18-тәи аусҳәарҭахь даннарга, ацхыраара лас амашьынантә адәылҵра мап ацәикит, амашьынантә мчыла даниарга, аҳақьым игәаҭарагьы мап ацәикит. Михеил Саакашвили аахақәа сымоуп ҳәа исаимҳәеит, аахақәа имоуп ҳәа иубарҭам,” – илҳәеит Ломџьариа.