Нино Ананиашвили Новосибирсктәи атеатр абалеттә труппа дахагылоит
Нино Ананиашвили Новосибирсктәи атеатр абалеттә труппа дахагылоит

Ақырҭуа прима-балерина Нино Ананиашвили  2021 шықәса инаркны Новосибирсктәи атеатр абалеттә труппа дахагылоит. Ананиашвили ари азҵаара далацәажәеит Арадио Ахақәиҭра аинтервиу аҿы.

Лара лажәақәа рыла, аамҭакала, ақырҭуа абалеттә траппа анапхгаҩысгьы даанхоит.

«15 шықәса ҵуеит сара Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә балет асахьаркыратә напхгаҩыс сыҟоижьҭеи.  2004 шықәса инаркны иҟаҳҵаз рацәоуп, ақәҿиара дуқәа ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Анеҩстәи ҧшьышықәса рзы аплан еиқәҳаршәахьеит. Ари аганахьала Қарҭ зегьы еиқәыршәаны иҳамоуп. Аха, ари аӡбара сыдыскылеит апандемиа амшала ҳтәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, ҳәарада, ари аҭагылазаашьа ҳтеатргьы ианыҧшит», — илҳәеит Нино Ананиашвили аинтервиу аҿы.