Никол Ҧашиниан  - Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараҿы Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара амзызла  аҽазышәарақәа  рырҕәҕәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит
Никол Ҧашиниан  - Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараҿы Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара амзызла  аҽазышәарақәа  рырҕәҕәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҧылара дахцәажәеит амикроблог  «Твиттер» аҿы.

Никол   Ҧашиниан ишиҩыз ала, Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҧылараҿы Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара амзызла  аҽазышәарақәа  рырҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит.

«Сколлега, сҩыза гәакьа, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли  Ҕарибашвили Қарҭ ибара алшара ахьсоуз сгәы иаахәеит.  Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараҿы Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара амзызла  аҽазышәарақәа  рырҕәҕәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит», — иҩит Никол Ҧашиниан.